Аԥсны

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: Женеватәи аиҿцәажәарақәа ҩаԥхьа иааныркылеит

Жәымз иаанкыланы иҟаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд мҩаԥысит жьҭаара 5 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Еиду амилаҭқәа реидгыла, Европа ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы аиҿкаара, Евроеидгыла рҟынтәи ацхантәаҩцәа аԥхьаҟа иҟалаша Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд арыцхә алаҳәара аҭыԥан, еиҭах 2023 шықәса жәабранмзанӡа рыҿҳәара инахеит. Абри атәы ТАСС аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Ихьыԥшым атәылақәа реидгыла аԥшьбатәи рдепартамент аиҳабы Денис Гончар.

"Убри аан ҳазҭоу ашықәс ианалагоз ишыҟаз еиԥшҵәҟьа уажәгьы ацхантәаҩцәа ихәыҵагәаноуп уи шырӡба, аӡәгьы имацәажәакәа. Амилаҭтә делегациақәа, урыстәылатәи агангьы убрахь иналаҵаны, ҩаԥхьа аиԥылара алахәра иазхиан, ҳазҭоу ашықәса анҵәамҭаз иҟаларан иҟазгьы, уи бзианы ирдыруан аиҿкааҩцәа. Аха, 2022 шықәсазы ԥшь-еиԥыларак мҩаԥысран иахьыҟаз еиԥыларак ауп имҩаԥгаз", - иҳәеит иара.

Гончар инаҵшьны иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аҵак ду шамоу ҳазҭагылоу есымшааира зҽызыԥсахуа агеополитикатә ҭагылазаашьаҟны.
Иара игәаанагарала, Қарҭи, Аҟәеи, Цхинвали рофициалтә хаҭарнакцәа реимадарақәа хымԥада имҩаԥгатәуп, Киеви хаз игоу мраҭашәаратәи аҳҭнықалақьқәеи лассы-лассы Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҩбатәи афронт аанартырц анырҳәо аамҭазы.
"Абри аҩыза аҭагылазаашьа аныҟоу Москвеи уи аԥснытәии аахыҵуаԥстәылатәии аҩызцәеи иқәдыргыло Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла рганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵареи иара убас ақырҭуа-аԥсуеи ақырҭуа-аахыҵуаԥстәылатәии аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рделимитациеи анаҩстәи рдемаркациеи ирыдҳәалоу азҵаарқәа аԥыжәара рымазароуп", - аҳәеит адипломат.
Арадио
Чамагәуа Аԥсны ашәарҭадаразы: ақырҭуа днызкыло амч ауп
Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни реизыҟазаашьақәа ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса инаркны. Урҭ рыцхантәаҩцәас иҟоуп, Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи алахәны.