Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуа Аԥсны ашәарҭадаразы: ақырҭуа днызкыло амч ауп

Хра злоу ахҭысқәа: Чамагәуа Аԥсны ашәарҭадара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара ԥасатәи адепутат Леонид Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит, шықәсырацәала ҳаззыԥшу амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра иахьа уажәраанӡа иахьзалмыршахаз шәарҭарас иамоу, иара убас далацәажәеит ҳтәыла ашәарҭадара азҵаатәы.
Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩра мап ацәнакит, абри атәы иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 56-тәи рраунд аихшьаала ҟаҵо.
"Адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа иахьа иаҳдырбоит Ахԥатәи адунеизегьтәи еибашьра шалагаз, хәыҷы-хәыҷла адунеи амца акуа иалгоит. Иахьа ақырҭцәа ԥшуп. Урыстәыла хәыҷык амч аакәадахар, ихьаҵуа иалагар, даргьы рҽазхианы ижәылап ҳәа игәыӷуеит. Ақырҭуа днызкыло амч ауп. Ҳахьынӡаӷәӷәам ҳаргьы иаадыруеит. Ҳгәы былуеит, бџьарк ыҟоуп, аха иазхома уи иахьа? 30 шықәса раахыс даара аҽаԥсахит аибашьыгатә маругақәа. Ааи, алшарақәа маҷуп иахьа, аха зынӡагьы иҳамаӡам ҳҳәартә ҳаҟаӡам. Атәылахьчара аминистрра иаҳҭо абиуџьет алагьы иаадыруеит, ауалафахәы Урыстәылантәи иаауеит, иҳалшоит аҽырӷәӷәара, уи адагьы иҟоуп амалуаа, иҟоуп адиаспора, урҭ рыцхыраара ҳхы иаҳархәароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Чамгәуа.
Аԥсны Жәлар реизара ԥасатәи адепутат иажәақәа рыла Урыстәыла анаакәадаха, ирацәахоит аҳәынҭқарраққәа бџьарла иахьеиҿагыло, Аԥсны налаҵаны.
Урыстәылеи ҳареи ақьаад ҳабжьаҳҵеит, аиқәшаҳаҭраҿы иарбоуп Аԥсны архәҭақәа Урыстәыла атехникала еиқәшәаны иҟалароуп ҳәа, аха уи зыҟамлеит иахьа уажәраанӡа ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа аиҿцәажәараҿы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0