Аԥсны

Бзыԥҭа ақыҭаҿы ахатәыҩны блит

Амцакра иахҟьаны аӡәгьы ԥхасҭа имоуит. Аҩна шьаҭанкыла иқәыблааит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik. Еихагылакны иҟаз ахатәыҩны амца акит Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан ԥхынҷкәын 12 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь амҩа иқәлеит асааҭ 12:36 рзы, аха ианнеи аҩны амца иамҽханакхьан.
Амца дырцәон ҩ-машьынак, аха аҩны аиқәырхара рзалмыршеит. Ауааԥсыра цәгьара рмыхьит. Абылра амзызқәа шаьқәдыргылоит.