АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан ахатәы амҿтәыҩны блит, абри атәы аарыцҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҟны ишырҳәо ала, амцакра ҟалеит Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ иацәыхарамкәан. Аҳәаахьчаҩцәа амцарцәаҩцәа ааиаанӡа аҩны иблоз далыргеит 94 шықәса зхыҵуа аԥшәма.
Анаҩс аиқәырхаҩцәа абырг раԥхьатәи ацхыраара ирҭеит.