Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ԥсҳәы ахатәыҩны блит

© Foto / Пресс-служба МЧС АбхазииЧастный дом сгорел в селе Псху
Частный дом сгорел в селе Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2022
Анапаҵаҩра
Амцакра иахьҟьаны аҩны зегь ықәццышәа иблит, зықәра неихьаз аҩны аԥшәа деиқәхеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан ахатәы амҿтәыҩны блит, абри атәы аарыцҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҟны ишырҳәо ала, амцакра ҟалеит Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ иацәыхарамкәан. Аҳәаахьчаҩцәа амцарцәаҩцәа ааиаанӡа аҩны иблоз далыргеит 94 шықәса зхыҵуа аԥшәма.
Анаҩс аиқәырхаҩцәа абырг раԥхьатәи ацхыраара ирҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0