Аԥсны

Адепутатцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы азакәан аԥсахрақәа аларгалеит

Актәи аԥхьарала ирыдыркылаз азакәан апроект иханарҭәаауеит аҳаҭыртә хьыӡқәа рсиа. Иҳәаақәнаҵоит урҭ роушьа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи апарламентарицәа "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.
Аилыркаага шәҟәы ишаҳәо ала, асиа харҭәаахоит "Зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ", "Зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ" рыла.
Уи адагьы апроект иалагалахоит аҳаҭыртә хьӡқәа роура аԥҟарақәа. Уи инақәыршәаны "Аԥсны жәлар рартист" аиура алшоит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь жәашықәса иреиҵамкәан ианҵлак ашьҭахь.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аднакылеит актәи аԥхьарала
"Жәлар рышәҟәыҩҩы" ҳәа ахьӡ автор иоур алшоит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ" ма "Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь жәашықәса иреиҵамкәан ианҵлак ашьҭахь.
Аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны жәлар рпоет" ҳәа ахьӡ автор иоур илшоит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ" ма "Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь жәашықәса иреиҵамкәан ианҵлак ашьҭахь.
Аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ автор иоур илшоит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ" ма "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь жәашықәса иреиҵамкәан ианҵлак ашьҭахь.