Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аднакылеит актәи аԥхьарала

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры и монеты.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2022
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп 12,5 миллиард мааҭ ҳәа, аныхрақәа рыла - 14,2 миллиард мааҭ ҳәа. Адефицит 1,6 миллиард ыҟоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент аҿы 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит актәи аԥхьарала.
2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш хашәала 9,6 миллиард мааҭ ыҟоуп.
Уи аҟынтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы урыстәылатәи афинанстә цхыраара - 734 689 миллион мааҭ, 2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограммала ацхыраара - 1,215 миллиард мааҭ, 2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз аҳәынҭқарратә цхыраара - 180 миллион мааҭ.
2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аныхрақәа рзеиԥш хышәаҵышәа 11,3 миллиард мааҭ ҳәа иазгәаҭоуп. Аныхрақәа аҳәынҭқарратә хықәкытә программақәагьы ирзырхоуп.
2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп ахықәкытә программақәа 16: ауааԥсыра агәыҵәкратә чымазара аҿагылараз рыцхраара, агәабзиарахьчара асистема акадрқәа рыла аиқәыршәара, Аԥсны анҭыҵ атәылауаа рыхәышәтәра, ахәшәқәа раахәара, агемодиализ, "Анхарҭа 2023-2025", ақыҭанхамҩа аҿиара, амҩақәа рҿы афотои авидеофиои ҭаҩра, абизнес маҷи абжьаратә бизнеси ацхыраара рыҭара.
150 миллион аенергетика аусхк иазырхахоит, 150 миллион – Аиааира амши Ахьыԥшымра амши. 350 миллион Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаҿы ишәарҭоу, 100 уадак змоу аҩнаҟынтәи ауаа риагара иазшәахоит.
2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет адефицит 1,7 миллиард мааҭ ыҟоуп.
Адефицит ахҩара азԥхьагәаҭоуп аҳәынҭбиуџьет ахатә ԥарақәа рыла. Афинансқәа рминистр Владимир Делба иажәақәа рыла, адефицит аԥарақәа реиҳарак араионтә биуџьетқәа рахь инашьҭхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0