Ашықәс иалагазар Урыстәыла 60 инареиҳаны теракт аԥырҟәҟәаауп

Иаарԥшуп 2,6 нызқь хҭыс закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз, иаԥыхуп 50 инареиҳаны абџьарҟаҵарҭақәа, иԥкуп 74 еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥқәа русура.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Ашықәс иалагазар Урыстәыла 64 теракт аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Амилаҭтә атеррористҿагыларатә еилакы.

"Ирыдкылаз ауснагӡатәқәа ирылшамҭаны иаԥырҟәҟәаауп атеррористтә хырхарҭа змаз ацәгьоурақәа 123, урҭ рҟынтәи 64 теракт. Иԥкуп 68 жәларбжьаратәи атеррористтә еиҿкаара рыҟәшақәа русура", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы атерроризм иадҳәалоу ҳәа ишьоу 1026-ҩык атәыла ралалара ԥкуп, 3000-ҩык рҟынӡа рыԥхьаӡамҭақәа аркуп, атерроризм аԥаразоужьраз 94 миллион мааҭ реикәыршара аанкылоуп, аинтернет аҟынтәи иқәгоуп 25 000 террористтә материал.
Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы атеррористцәа аанкылоуп
Урыстәыла АШәМ адиректор Александр Бортников иажәақәа рыла, аҳәаа иаԥну арегионқәа рҿы иубарҭоуп атеррористтә цәырҵрақәа, аиҳаракгьы украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рганахь ала.
Шықәсык аҩнуҵҟа иаанкылоуп 400-ҩык украинатәи амилаҭеилыхцәеи арратә цәгьоурақәа мҩаԥызгаз ахаҿқәеи. Иаарԥшуп 2,6 нызқь хҭыс закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз, иаԥыхуп 50 инареиҳаны абџьарҟаҵарҭақәа, иԥкуп 74 еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥқәа русура. Жәабранмзаахыс иԥкуп 3,5 нызқь ресурс русура, аоперациа ҷыдаз афеикқәа алазырҵәоз.
Ҟабарда-Балкариа атеракт аԥырҟәҟәаауп