https://sputnik-abkhazia.info/20221214/ashys-ialagazar-urystyla-60-inareiany-terakt-ayraaup-1043103709.html
Ашықәс иалагазар Урыстәыла 60 инареиҳаны теракт аԥырҟәҟәаауп
Ашықәс иалагазар Урыстәыла 60 инареиҳаны теракт аԥырҟәҟәаауп
Sputnik Аҧсны
Иаарԥшуп 2,6 нызқь хҭыс закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз, иаԥыхуп 50 инареиҳаны абџьарҟаҵарҭақәа, иԥкуп 74 еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥқәа русура. 14.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-14T10:33+0300
2022-12-14T10:33+0300
2022-12-14T10:33+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0d/1038637013_0:79:1594:976_1920x0_80_0_0_52aa166cbca3e7368a320068dec646b3.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Ашықәс иалагазар Урыстәыла 64 теракт аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Амилаҭтә атеррористҿагыларатә еилакы. Уи адагьы атерроризм иадҳәалоу ҳәа ишьоу 1026-ҩык атәыла ралалара ԥкуп, 3000-ҩык рҟынӡа рыԥхьаӡамҭақәа аркуп, атерроризм аԥаразоужьраз 94 миллион мааҭ реикәыршара аанкылоуп, аинтернет аҟынтәи иқәгоуп 25 000 террористтә материал. Урыстәыла АШәМ адиректор Александр Бортников иажәақәа рыла, аҳәаа иаԥну арегионқәа рҿы иубарҭоуп атеррористтә цәырҵрақәа, аиҳаракгьы украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рганахь ала. Шықәсык аҩнуҵҟа иаанкылоуп 400-ҩык украинатәи амилаҭеилыхцәеи арратә цәгьоурақәа мҩаԥызгаз ахаҿқәеи. Иаарԥшуп 2,6 нызқь хҭыс закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз, иаԥыхуп 50 инареиҳаны абџьарҟаҵарҭақәа, иԥкуп 74 еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥқәа русура. Жәабранмзаахыс иԥкуп 3,5 нызқь ресурс русура, аоперациа ҷыдаз афеикқәа алазырҵәоз.
https://sputnik-abkhazia.info/20221028/stavropolti-atylaats-ay-aterroristtsa-aankyloup-1042291918.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221002/abarda-balkaria-aterakt-ayraaup-1041856103.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0d/1038637013_95:0:1500:1054_1920x0_80_0_0_9edd5c45cc3f554b4d135220aa39b851.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ашықәс иалагазар Урыстәыла 60 инареиҳаны теракт аԥырҟәҟәаауп
Иаарԥшуп 2,6 нызқь хҭыс закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз, иаԥыхуп 50 инареиҳаны абџьарҟаҵарҭақәа, иԥкуп 74 еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥқәа русура.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Ашықәс иалагазар Урыстәыла 64 теракт аԥырҟәҟәаауп ҳәа
аанацҳауеит Амилаҭтә атеррористҿагыларатә еилакы.
"Ирыдкылаз ауснагӡатәқәа ирылшамҭаны иаԥырҟәҟәаауп атеррористтә хырхарҭа змаз ацәгьоурақәа 123, урҭ рҟынтәи 64 теракт. Иԥкуп 68 жәларбжьаратәи атеррористтә еиҿкаара рыҟәшақәа русура", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы атерроризм иадҳәалоу ҳәа ишьоу 1026-ҩык атәыла ралалара ԥкуп, 3000-ҩык рҟынӡа рыԥхьаӡамҭақәа аркуп, атерроризм аԥаразоужьраз 94 миллион мааҭ реикәыршара аанкылоуп, аинтернет аҟынтәи иқәгоуп 25 000 террористтә материал.
Урыстәыла АШәМ адиректор Александр Бортников иажәақәа рыла, аҳәаа иаԥну арегионқәа рҿы иубарҭоуп атеррористтә цәырҵрақәа, аиҳаракгьы украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рганахь ала.
Шықәсык аҩнуҵҟа иаанкылоуп 400-ҩык украинатәи амилаҭеилыхцәеи арратә цәгьоурақәа мҩаԥызгаз ахаҿқәеи. Иаарԥшуп 2,6 нызқь хҭыс закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз, иаԥыхуп 50 инареиҳаны абџьарҟаҵарҭақәа, иԥкуп 74 еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥқәа русура. Жәабранмзаахыс иԥкуп 3,5 нызқь ресурс русура, аоперациа ҷыдаз афеикқәа алазырҵәоз.