Аԥсны

Аҳәынҭавтоинспекциа: амашьына арныҟәараз аршаҳаҭга ԥаршеиқәа ахархәара рымоуп

Амашьына арныҟәараз аршаҳаҭга ԥаршеиқәа арныҟәцаҩцәа рыпроблемақәа зегь рыӡбо иҟаӡам, еиҳагьы идмыруадаҩуазар. Избанзар ари аҩыза азинеилагара иазԥхьагәанаҭоит ҩышықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аҳәамҭа ҟанаҵеит амашьына арныҟәараз аршаҳаҭга ԥаршеиқәа ахархәара рымоуп ҳәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аусзуҩцәа амҩақәа рҿы имҩаԥыргоз агәаҭарақәа раан иаарԥшын аршаҳаҭга ԥаршеиқәа ааба, Урыстәыла АНААИ (ГИБДД - аред.) аҿы ирыҭазшәа еиҿкааз.
Агрба иҳәеит аршаҳаҭгақәа рҿы иубартә ишыҟаз урҭ ԥаршеила ишеиҿкааз. Агәаҭараан ишьақәыргылахеит арҭ аршаҳаҭгақәа рномерқәа даҽа џьоукы ишрымоу. Агрба иҳәеит ари аҩыза азинеилагара ишазԥхьагәанаҭо ҩышықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.