Аԥсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазараҭҵааҩы Александр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазкны Аҟәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит ацәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵа аус аулоит ԥхынҷкәын 15-24 рзы, уаҟа ицәыргахоит 80 инареиҳаны Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа.
Аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа еиҭеиҳәеит иахьазы иӡыргахо аусумҭақәа ралԥшаара аус шцо, иҟалоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы инапы иҵихыз асахьақәа. Аусумҭақәа ак аҵкыс ак еиӷьуп, аха ҳара ҳзы дара зегьы рыхә дууп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Сақаниа. Иара убасгьы иҳәеит ацәыргақәҵаҿы уахынлагьы-ҽынлагьы изыхьчо ауаа шыҟало.
Аҟазараҭҵааҩы иажәақәа рыла, Амилаҭтә сахьаҭыхратә галериаҿы иҟоуп 220 усумҭа, иара урҭ рҭагылазаашьа атәы далацәажәеит. Иҳәеит лассы-лассы аусумҭақәа рӡыргара ауадаҩрақәа шрыцу, избанзар аҳауа аҽеиҭакра асахьақәа анырра рынаҭоит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.