https://sputnik-abkhazia.info/20221214/azlatsazhasha-amoup-saania-aleksandr-shervashie-chachba-iusumaa-iryzkny-1043103140.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ирызкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Аҟазараҭҵааҩы, амилаҭтә сахьаҭыхратә галериа аиҳабы Сурам Сақаниа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иамоу Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ртәы, урҭ... 14.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-14T19:15+0300
2022-12-14T19:15+0300
2022-12-14T19:15+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0d/1043102986_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_3ba84dd99dae2c672a05fb439786f4ca.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ирызкны
Аԥсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазараҭҵааҩы Александр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазкны Аҟәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит ацәыргақәҵа.Ацәыргақәҵа аус аулоит ԥхынҷкәын 15-24 рзы, уаҟа ицәыргахоит 80 инареиҳаны Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа.Аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа еиҭеиҳәеит иахьазы иӡыргахо аусумҭақәа ралԥшаара аус шцо, иҟалоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы инапы иҵихыз асахьақәа. Аусумҭақәа ак аҵкыс ак еиӷьуп, аха ҳара ҳзы дара зегьы рыхә дууп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Сақаниа. Иара убасгьы иҳәеит ацәыргақәҵаҿы уахынлагьы-ҽынлагьы изыхьчо ауаа шыҟало.Аҟазараҭҵааҩы иажәақәа рыла, Амилаҭтә сахьаҭыхратә галериаҿы иҟоуп 220 усумҭа, иара урҭ рҭагылазаашьа атәы далацәажәеит. Иҳәеит лассы-лассы аусумҭақәа рӡыргара ауадаҩрақәа шрыцу, избанзар аҳауа аҽеиҭакра асахьақәа анырра рынаҭоит.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0d/1043102986_84:0:1864:1335_1920x0_80_0_0_8001740399f4c6c68ef29769e2580a71.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ирызкны
Аҟазараҭҵааҩы, амилаҭтә сахьаҭыхратә галериа аиҳабы Сурам Сақаниа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иамоу Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ртәы, урҭ рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аԥсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазараҭҵааҩы Александр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазкны Аҟәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит ацәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵа аус аулоит ԥхынҷкәын 15-24 рзы, уаҟа ицәыргахоит 80 инареиҳаны Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа.
Аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа еиҭеиҳәеит иахьазы иӡыргахо аусумҭақәа ралԥшаара аус шцо, иҟалоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы инапы иҵихыз асахьақәа. Аусумҭақәа ак аҵкыс ак еиӷьуп, аха ҳара ҳзы дара зегьы рыхә дууп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Сақаниа. Иара убасгьы иҳәеит ацәыргақәҵаҿы уахынлагьы-ҽынлагьы изыхьчо ауаа шыҟало.
Аҟазараҭҵааҩы иажәақәа рыла, Амилаҭтә сахьаҭыхратә галериаҿы иҟоуп 220 усумҭа, иара урҭ рҭагылазаашьа атәы далацәажәеит. Иҳәеит лассы-лассы аусумҭақәа рӡыргара ауадаҩрақәа шрыцу, избанзар аҳауа аҽеиҭакра асахьақәа анырра рынаҭоит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.