АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы" апроект аԥсахрақәа аланагалеит.
Аилыркаагатә шәҟәы инақәыршәаны, аус зуа аредакциа иалнаршоит абарҭ рҩызцәа азона хкқәа раԥҵара: ааглыхратә, атехникатә, атурист-рекреациатә, абаӷәазатә, еилаԥсоу.
Азакәан апроект адкылара иаанагом ақыҭанхамҩатә зонақәа аԥҵахоит ҳәа, аха урҭ русуразы азинтә шьаҭақәа шьақәнарӷәӷәоит. Иаԥҵахар ҟалоит аалыҵ ҳарак, аконкуренциа зырҿио ақыҭанхамҩатә ааглыхрақәа раԥҵааразы.
Азакәан иара убасгьы иалагалахоит хаз игоу аиҭакра, еиҳа иҟоу анормақәа ныҭкааны ирылацәажәо, урҭ ҩ-ганкла реилкаара алызмыршо. Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы" 2015 шықәса раахыс аус ауеит. Асеиԥш иҟоу азонақәа аԥырҵоит аекономика аҿиараз, аинвестициақәа радԥхьалараз.