АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. Адепутатцәа "Аелектронтә ԥарашәаратә хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә ԥарашәара системаз" азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Адокумент инақәыршәан:
иалагалахоит аилкаара "аелектронтә ԥара",
Амилаҭтә ԥарашәаратә система алахәылацәа – апартниор-проваидерцәа ахԥатәи ахаҿқәа ирзыфеидахараз ашәарақәа рыдыркылалар алшоит,
Аԥсны абанк акредиттә еиҿкаарақәа рыфеидаз апартниор-проваидерцәа рҟынтә ашәарақәа рыдркылара аҭышәнартәалара рылшоит,
аиурист хаҿқәеи ахаланаплакҩцәеи, хаз игоу усурак мҩаԥызго аԥарашәаратә хсаалагақәа рыдкылараз ахархәагақәа ықәдыргылароуп,
хаз игоу аусурақәа реиқәыԥхьаӡа шьақәнарӷәӷәоит Аминистрцәа реилазаара.
Апарламент аҿы аҳәынҭқарра ахада ихаҭарнакс иҟоу Наҭелла Ломиаԥҳа иазгәалҭеит, аџьармыкьа алахәылацәа, напынҵала ихәаахәҭуа, уи алагьы ашәшьыратә економика зырҿио рбизнес аҿырԥшы еиҭаркыр акәхоит ма аџьармыкьаҟынтә иқәҵыр акәхоит.