Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар ДЖәР ақыҭа Водианое ахәҭак рнапахьы иааргеит

Урыстәыла жәабран 24 раахыс Украина арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп. Владимир Путин уи иахықәку киевтәи арежим аганахь ала аашықәса раахыс агеноцид зхызго ауаа рыхьчароуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Урыстәылатәи ар ДЖәР ақыҭа Водианое ахәҭак рнапахьы иааргеит ҳәа ажурналистцәа ирарҳәеит Атәылахьчаратә усбарҭаҿы.
"Донецктәи ахырхарҭаҿ урыстәылатәи ар ржәылара иалҵшәаны анапахьы иаагоуп ақыҭа Водианое аиҳара. Иҭархоуп 50-ҩык украинатәи аруаа, танкк, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ԥшьба", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Арратә усбарҭаҿы еиҭарҳәеит егьырҭ афронт ахырхарҭақәа рҿы аҭагылазаашьақәа ртәгьы. Купиансктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи артиллериа Синьковка, Котлиаровка, Табаевка, Берестовое (Харьковтәи аобласт), Новоселовск (ЛЖәР) рҿы УАМ шәҩык рҟынӡа аруаа, акәылӡтранспартиор, акәылӡмашьына, апикапқәа фба ҭадырхеит.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы украинатәи ажәыларатә гәыԥқәа хԥа шьҭахьҟа иԥхьацан Плошьанкеи Кременнои рҿы. Стельмаховкаҿ урыстәылатәи аруаа УАМ арезервистцәа рколонна ааха арҭеит. ЛЖәР аиланхарҭақәа Червонои Дибровои рҿы иҭархан адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа хәба.