АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. 600 грамм рҟынӡа аџьуа (урысшә. "ртуть") рбеит аиқәырхаҩцәа Аҟәа, Адыгаа рымҩаҿ игылоу аҩнаҿы. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аџьуа лбеит ааигәа инхоз аԥҳәыс. 300 грамм каҭәан аҽа 300 грамм амқьаҭ иҭан. АҶА аусзуҩцәа аџьуа еизакны идәылыргеит, ахыбра аҩнуҵҟа ареактивқәа рыла идрыцқьеит.
Аџьуа ишҳамырку маҭәашьаруп, аԥсыԥлагаҩагараан иухәлоугалоит. Ауаҩы игәабзиаразы даара ишәарҭоуп.
Аԥсны АҶА ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит агәаҽанызаара аадырԥшларц, ауаҩы игәабзиараз ишәарҭароу, ахимиатә маҭәашьар иаҵанакуа ма иԥҽу амедицинатә хархәагақәа рыхәҭақәа иреиуоу акрырбар, АҶА ахь адырра ҟарҵаларц.