Аԥсны

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгаразы аусутә гәыԥ аԥҵоуп Аҟәа

Аҳҭнықалақь аҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ аартра ҟалоит Ахақәиҭра ашҭаҿы ԥхынҷкәын 25 рзы, уа Қьырсаныҳәанӡа агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Ашықәс ҿыци Қьырсеи аныҳәақәа рымҩаԥгаразы аусутә гәыԥ аԥҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Ԥхынҷкәын 20 рзы ихыркәшахоит аҳҭнықалақь ашықәсҿыцазтәи аҩычара, уи адагьы, Аҟәа иҟоу аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи ирабжьгоуп рхыбрақәа дырԥшӡарц.

Иара убас Аҟәа ахада инапынҵала Ахақәиҭра ашҭаҿы аҳамҭақәа, ахәмаргақәа, апиротехника, аҭаҭын аалыҵ, арыжәтә џьбара, амаланыҟәақәа, ахаланыҟәақәа, афымцаныҟәақәа қьырала рыҭара ҟалом.

Аныҳәамшқәа раан Аҟәа ААР ирабжьгоуп ауаажәларратә зинеиҿкаареи атранспорти апассаџьырцәеи ршәарҭадареи ирхылаԥшларц, ақалақь аҩычагақәа ак рмыхьырц иацклаԥшларц. Иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иахылаԥшлоит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы апиротехника ԥырымжәаларц.
Уи адагьы, Аҟәеи Аҟәа араиони иртәу АҶА аусбарҭақәа ҷаԥшьалоит ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан, апиротехника иахҟьаны машәырк ҟамларц азы.
Аԥсны
Аҟәа ахадараҿ еиҭарҳәеит аныҳәамшқәа раан уснагӡатәқәас имҩаԥгахо