АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Урыстәыла аекономика еиладырбгарц зеиԥш ҟамлац аҿагыларақәа мҩаԥыргоит иҳәеит Владимир Путин. Ахада иҳәамҭа хадақәа РИА Новости аматериал аҿы.
"Ишыжәбо аиԥш, Урыстәыла аекономика еиладырбгарц зеиԥш ҟамлац асанкциатә ҿагыларақәа мҩаԥыргоит. Урҭ ҳекономика ахҩахара алдмыршарц ауп хықәкыс ирымоу, ҳвалиутатә резервқәа рӷьычит, амилаҭтә валиута, амааҭ аинфлиациа азура рҽазыршәеит", - иҳәеит Владимир Путин астратегиатә ҿиареи амилаҭтә проектқәеи рзы Ахеилак аилатәараҟны.
Урыстәыла ахада 2023 шықәсазы ауснагӡатә хадақәа фба аликааит, урҭ 2030 шықәсанӡа ишьақәыргылоу амилаҭтә хықәкқәа рынагӡара алдыршоит ҳәа азгәеиҭеит.
"Ҳфинанстә система ҳҭахрақәа ирықәшәозароуп. Урыстәыла иалнаршароуп акраамҭатәи аинвестициақәеи акционертә капитали ралагалара, аинфраструктуреи атехнологиаҳарактә бизнеси ирзыхәарҭахароуп. Ҽааны ахырхарҭақәа зегьы рҿы игәоуҭартә иҟоу аԥхьагылара ааҳарԥшыроуп", - ҳәа иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада Аминистрцәа реилазаарахь аҳәара ҟаиҵеит 2023 шықәса актәи аԥшьбарак нҵәаанӡа иаздырхиарц арегион ҿыцқәа рсоциал-економикатә ҿиара апрограмма.