https://sputnik-abkhazia.info/20221216/putin-urystyla-aekonomika-eiladyrbgarts-azy-zeish-amlats-aagylaraa-mayrgoit--1043148308.html
Путин: Урыстәыла аекономика еиладырбгарц азы зеиԥш ҟамлац аҿагыларақәа мҩаԥыргоит
Путин: Урыстәыла аекономика еиладырбгарц азы зеиԥш ҟамлац аҿагыларақәа мҩаԥыргоит
Sputnik Аҧсны
Владимир Путин астратегиатә ҿиареи амилаҭтә проектқәеи рзы Ахеилак аилатәараҟны 2022 шықәсазтәи аекономикатә еихшьалақәа ҟаиҵеит, ԥхьаҟатәи ауснагӡақәа... 16.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-16T09:00+0300
2022-12-16T09:00+0300
2022-12-16T09:00+0300
ажәабжьқәа
аполитика
аекономика
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0c/1043081977_0:18:3271:1858_1920x0_80_0_0_9afaa3d358190952af0e76fafbeba3f1.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Урыстәыла аекономика еиладырбгарц зеиԥш ҟамлац аҿагыларақәа мҩаԥыргоит иҳәеит Владимир Путин. Ахада иҳәамҭа хадақәа РИА Новости аматериал аҿы. "Ишыжәбо аиԥш, Урыстәыла аекономика еиладырбгарц зеиԥш ҟамлац асанкциатә ҿагыларақәа мҩаԥыргоит. Урҭ ҳекономика ахҩахара алдмыршарц ауп хықәкыс ирымоу, ҳвалиутатә резервқәа рӷьычит, амилаҭтә валиута, амааҭ аинфлиациа азура рҽазыршәеит", - иҳәеит Владимир Путин астратегиатә ҿиареи амилаҭтә проектқәеи рзы Ахеилак аилатәараҟны. Урыстәыла ахада 2023 шықәсазы ауснагӡатә хадақәа фба аликааит, урҭ 2030 шықәсанӡа ишьақәыргылоу амилаҭтә хықәкқәа рынагӡара алдыршоит ҳәа азгәеиҭеит. "Ҳфинанстә система ҳҭахрақәа ирықәшәозароуп. Урыстәыла иалнаршароуп акраамҭатәи аинвестициақәеи акционертә капитали ралагалара, аинфраструктуреи атехнологиаҳарактә бизнеси ирзыхәарҭахароуп. Ҽааны ахырхарҭақәа зегьы рҿы игәоуҭартә иҟоу аԥхьагылара ааҳарԥшыроуп", - ҳәа иҳәеит Путин. Урыстәыла ахада Аминистрцәа реилазаарахь аҳәара ҟаиҵеит 2023 шықәса актәи аԥшьбарак нҵәаанӡа иаздырхиарц арегион ҿыцқәа рсоциал-економикатә ҿиара апрограмма.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0c/1043081977_132:0:2863:2048_1920x0_80_0_0_1b146c43725c3e70e808a32927fadeb2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, аекономика, владимир путин
ажәабжьқәа, аполитика, аекономика, владимир путин
Путин: Урыстәыла аекономика еиладырбгарц азы зеиԥш ҟамлац аҿагыларақәа мҩаԥыргоит
Владимир Путин астратегиатә ҿиареи амилаҭтә проектқәеи рзы Ахеилак аилатәараҟны 2022 шықәсазтәи аекономикатә еихшьалақәа ҟаиҵеит, ԥхьаҟатәи ауснагӡақәа дрылацәажәеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Урыстәыла аекономика еиладырбгарц зеиԥш ҟамлац аҿагыларақәа мҩаԥыргоит иҳәеит Владимир Путин. Ахада иҳәамҭа хадақәа
РИА Новости аматериал аҿы.
"Ишыжәбо аиԥш, Урыстәыла аекономика еиладырбгарц зеиԥш ҟамлац асанкциатә ҿагыларақәа мҩаԥыргоит. Урҭ ҳекономика ахҩахара алдмыршарц ауп хықәкыс ирымоу, ҳвалиутатә резервқәа рӷьычит, амилаҭтә валиута, амааҭ аинфлиациа азура рҽазыршәеит", - иҳәеит Владимир Путин астратегиатә ҿиареи амилаҭтә проектқәеи рзы Ахеилак аилатәараҟны.
Урыстәыла ахада 2023 шықәсазы ауснагӡатә хадақәа фба аликааит, урҭ 2030 шықәсанӡа ишьақәыргылоу амилаҭтә хықәкқәа рынагӡара алдыршоит ҳәа азгәеиҭеит.
"Ҳфинанстә система ҳҭахрақәа ирықәшәозароуп. Урыстәыла иалнаршароуп акраамҭатәи аинвестициақәеи акционертә капитали ралагалара, аинфраструктуреи атехнологиаҳарактә бизнеси ирзыхәарҭахароуп. Ҽааны ахырхарҭақәа зегьы рҿы игәоуҭартә иҟоу аԥхьагылара ааҳарԥшыроуп", - ҳәа иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада Аминистрцәа реилазаарахь аҳәара ҟаиҵеит 2023 шықәса актәи аԥшьбарак нҵәаанӡа иаздырхиарц арегион ҿыцқәа рсоциал-економикатә ҿиара апрограмма.