Аԥсны

Аԥсны шә-тоннак амандарина урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рышҟа идәықәнаҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала еиҿкаан ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи руааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра шә-тоннак амандарина еидыркылеит ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аидара зго амашьынақәа Аҟәантәи амҩа иқәлеит ԥхынҷкәын 16-17 руыха. Иазгәаҭоуп амандарина раԥхьатәи ахәҭа Донбасс ишыҟало пхынҷкәын 19 рзы.
Агуманитартә еидара мҩаԥигоит Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа.
Аидара урыстәылаҟа агараҿы аԥсуа еиқәырхаҩцәа ацхыраара рырҭоит "Агвардиа ҿа" аволантиорцәа. Урҭ Урыстәыла арегион ҿыцқәа Донецк, Луганск, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рыҟны ацентрқәа аадыртхьеит.
Донбасстәи ахәыҷқәа рзы амандарина аизгараз Аԥсны араионқәа зегь рыҟны аҭыԥқәа аартын ԥхынҷкәын 5 инаркны. Аԥсны ауааԥсыра алшара рыман ашықәсҿыцтәи аныҳәаз урыстәылатәи арегион ҿыцқәа иқәынхо рзы аҳамҭа аҟаҵара.
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа жәанызқь тонна инареиҳаны амандарина ииаргахьеит