Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа жәанызқь тонна инареиҳаны амандарина ииаргахьеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2022
Анапаҵаҩра
Сынтәа ацитрустә шәырқәа рҽаҩра 50 нызқь тонна инареиҳаны иазԥшуп. Ари ҵыԥхтәи аҿаҩра аасҭа ҩынтә еиҳауп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Жәанызқь тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит ацитрустә шәырқәа раамҭа ианалага инаркны ҳәа Sputnik арадиоефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ Мсоусҭ Шамба.
2021 шықәса ари аамҭа иаҿҳарԥшуазар, ацитрус шәырқәа рекспорт 1,5 нызқь тонна еиҳауп.
"Еснагь еиԥш аҽаҩра ахаҭабзиара ҳаракуп. Урыстәыла аԥсуа мандарина еиҳа иалыркаауеит. Гьамалеи ԥшралеи даара ибзиоуп. Амандарина ииазго зегьы жәларбжьаратәи аҿырԥшы иақәшәо ахаҭабзиаразы асертификат рымоуп", - ҳәа иҳәеит Шамба.
Иара иажәақәа рыла, амандарина аиагаразы аҳәааҟны ауадаҩрақәа ыҟаӡам. Шамба ишазгәеиҭаз ала, сынтәа аусбарҭаҟны заа 2-3 мзы шагыз ацитрустә шәырқәа риагаразы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи аиԥыларақәа мҩаԥыргеит, ирылацәажәеит аҽаҩра аҳәаа ахыгараҿ иҟаз ауадаҩрақәа раԥыхраз азҵаатәқәа.
Дара амандарина ииазгогьы рҽазыҟарҵеит, Гали Гәылрыԥшьи рраионқәеи Аҟәеи рыҟны иҷыдоу аҳазалхратә ҭыԥқәа рыҟны заа раалыҵ ашәҟәы аҭагалара иалагеит ҳәа иҳәеит Мсоусыҭ Шамба.
Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ ишазгәеиҭаз ала, еиҳарак амандарина ииаргоит рацәак идуум аидарамҩангагатә машьынақәа рыла. Аха Ашықәс ҿыц аламҭалаз ацитрустә шәырқәа риагара азгәаҭоуп аидарамҩангагатә машьына дуқәа рыла.
Более 60 тонн мандаринов было собрано для отправки на Донбасс - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2022
Аԥсны
60 тонна инареиҳаны амандарина еизгоуп Донбассҟа анашьҭразы
Ажәабжьқәа зегьы
0