Аԥсны

Аҟәатәи "Динамо" Мирошников ихьӡ зху аицлабраҟны иаиааит

Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Иури Мирошников игәалашәараз Аҟәа астадион "Динамо" аҟны имҩаԥысуан ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи аицлабрақәа ԥхынҷкәын 13-17 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Динамо-08" Аҟәа аиааира агеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Иури Мирошников игәалашәараз имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи аицлабраҟны.
Афинал аҟны изцыхәмаруаз акоманда "Судак" 2:0 ҳәа иаиааит. Ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит "Динамо-07" Аҟәа.
Аицлабрақәа ирылахәын 2007-2008 шықәсқәа рзын ииз Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ашьапылампыласыҩцәа.
Аԥсны
Ихыркәшоуп ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат