Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ихыркәшоуп ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат

© Foto / Федерация футбола Чемпионат Абхазии по футболу среди сельских команд
Чемпионат Абхазии по футболу среди сельских команд - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Анапаҵаҩра
Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҵыхәтәантәи ахәмарра мҩаԥысит ԥхынҷкәын 17 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik. 2022 шықәсазы ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионцәахеит Ҷлоутәи акоманда ҳәа аанцҳауеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа.
Аҵыхәтәантәи аицлабраҿы ажәеизатәи атур аҟны еиқәшәеит Ҷлоуи Уарчеи акомандақәа.
Аиԥылара хыркәшахеит 1:1 ҳәа, уи алагьы Уарчаа аҩбатәи аҭып ааныркылеит. 2023 шықәсазы Аԥсны ахраҿа агаразы еиндаҭлоит Уарчеи Ҷлоуи.
Ҷлоутәи акомандаз ампыл амба иҭаиршәит Инал Ҵәыџьба, Уарчатәи акоманда аҟынтәи далкаан Беслан Анқәаб.
Ажәабжьқәа зегьы
0