Аԥсны

РУСДРАМ имҩаԥысит Островски ипиесақәа реихшьаала дырбара

Апиесақәа "Адыд", "Алафҳәаҩ", "Ахаҵа ԥшӡа" рескизқәа рыҟны арольқәа нарыгӡоит аԥснытәи актиорцәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҟны имҩаԥысит Александр Островски ипиесақәа хԥа реихшьаала дырбара.
Аспектакльқәа мҩаԥысит Урыстәыла атеатралтә усзуҩцәа реидгыла ацхыраарала РУСДРАМ имҩаԥнаго арежиссиортә лабораториа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, ари РУСДРАМ имҩаԥнаго ахԥатәи лабораториоуп, иара убас аҩбатәиуп Урыстәыла атеатралтә усзуцәа реидгылеи дареи еицымҩаԥырго.
"Ҳара ҳзы инасыԥуп, зыҩаӡара ҳараку Урыстәылатәи Афедерациа аус ацураз алшара ахьҳамоу. Ари аҩыза алабораториа аԥышәа қәҿиара дууп. Убыс ауп ишыҟалаз иахьа уажәраанӡагь ицо аспектакль "Електра", - иҳәеит иара.
Иааиуа ашықәсазы Островски диижьҭеи 200 шықәса ҵоит, Хынҭәба иазгәеиҭеит уи инамаданы РУСДРАМ хымԥада ашәҟәыҩҩы иҩымҭала аспектакль шықәнаргыло.
Ԥхынҷкәын 17 рзы РУСДРАМ имҩаԥысит х-спектакльк "Адыд", "Алафҳәаҩ", "Ахаҵа ԥшӡа" дырбара.
Аԥсны
Ахәыҷқәа рзы амиузикл "Аглобус џьашьахәы" Аԥсуа драматә театр аҿы идырбахоит