Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷқәа рзы амиузикл "Аглобус џьашьахәы" Аԥсуа драматә театр аҿы идырбахоит

© SputnikАбхазский драмтеатр
Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2022
Анапаҵаҩра
25-ҩык рҟынӡа злахәу амиузикл аҟны бзиа еицырбахьоу амультфильмқәа - “Брементәи амузыкантцәа", "Буратино", "Хылԥа ҟаԥшь", "Рапунцель", "Ҷышәшәына", "Агәы фырхаҵа", "Жасмини Алладини", "Моана" уҳәа рҟынтәи ашәақәа рыла еиҿкаауп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәыҷтәы музыкатә студиа "Next" амиузикл "Аглобус џьашьахәы" Аԥсуа драматә театр аҿы идырбахоит ажьырныҳәа 7-8 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит астудиа анапхгаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа.

"Ҳастудиа аашықәса ҵуеит аус ауеижьҭеи. Арахь иааиуеит аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа, ҳаушьҭымҭацәақәак еицырдыруа иҟалахьеит. Астудиа апроектқәа ахәаԥшцәа ргәы иаахәоит. Сынтәа ахәыҷқәа ҳаргәырӷьарц ҳаӡбеит, инарҭбаау амиузикл ықәҳаргылоит. Ахәаԥшыҩгьы аџьашьахәырақәа дрыланакны асценахь днанагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Мархолиаԥҳа.

Раԥхьаӡа акәны амиузикл аԥхьарбара мҩаԥысит 2019 шықәсазы Русдрам аҿы. Аҭааҩцәагьы рацәаҩны иаман. Иазгәаҭан иҭаҩны аекранқәа рахь анагара, аха атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны изалымшеит. Мархолиаԥҳа лажәақәа рыла, сынтәа амиузикл аҭыхрақәа мҩаԥгахароуп.
"Даара иаҳҭахуп ахәаԥшҩы ҳаигәаԥхар, избанзар ҳхы-ҳаԥсы ақәҵаны ҳазнеиуеит. Амиузикл аҭаацәа, ахәыҷқәа рзы аҭоурых интересуп, аџьашьахәырақәа рыгәра зго рзы иссируп", - ҳәа лҳәеит лара.
Амиузикл иалахәуп астудиа "Next" аҟынтәи 25-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Дара инарыгӡоит зегьы ибзианы еицырдыруа асоветтәи ахәаанырцәтәи амультфильмқәа - “Брементәи амузыкантцәа", "Буратино", "Хылԥа ҟаԥшь", "Рапунцель", "Ҷышәшәына", "Агәы фырхаҵа", "Жасмини Алладини", "Моана" рҟынтәи ашәақәа еидкыланы.
Ҳашыӷԥҳа Ашықәс ҿыц аҳҭнықалақь аҿы иазкны: Ахақәиҭра ашҭа иаҳа иҩычахоит, иаҳа иԥшӡахоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2022
Арадио
Ҳашыгԥҳа Ашықәс ҿыц аҳҭнықалақь аҿы иазкны: Ахақәиҭра ашҭа иаҳа иҩычахоит, иаҳа иԥшӡахоит
Ажәабжьқәа зегьы
0