Аԥсны

Аԥсны ахәҭак аҿы алашара арцәара аамҭеихшара аԥыххоит

Убри аан афымцацәаҳәақәа ирықәу аидара иаҿырԥшны ҭыԥ-ҭыԥла алашара дырцәалар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 21 инаркны Аԥсны ахәҭак аҿы алашара арцәара аамҭеихшара аԥыххоит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Арахь иаҵанакуеит ареспублика ауааԥсыра, аҳауатә цәаҳәақәа "Ԥсоу-220" , "Гьечрыԥшь-110" рҟынтә алашара зауа.
Авольтҳарак цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2" абонентцәа рзы аԥкрақәа шыҟац иаанхоит Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡыҩаӡара шьҭыҵаанӡа.