Аԥсны

Инал Арӡынба Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив анапхгаҩ ҿыц дыдирдырит

Арӡынба иажәахә аҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны амилаҭтә интересқәа мҩаԥызго центрны иҟалар шакәу.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив анапхгаҩ ҿыц Алхас Кәыҵниа дыдирдырит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
"Аԥсны ахада Ацҳаражәҳәарҭа аусура хылаԥшра аиҭоит. Ҳгәыӷуеит, аусбарҭа аусура хра аманы иҟалап, аизҳара аиуп ҳәа" - иҳәеит аминистр.
Алхас Кәыҵниа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз агәрагаразы, агәыӷра ааирԥшит адипломатиатә хаҭарнакра аусура алҵшәа бзиақәа аиуп ҳәа.
Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу цҳаражәҳәаҩыс иҟаларазы Аусԥҟа анапы аҵаҩын абҵара 30 азы. 2020 шықәса мшаԥымзаахыс Алхас Кәыҵниа ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дыҟан.
Аԥсны
Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп