Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Алхас Квициния
Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2022
Анапаҵаҩра
Абри азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит ареспублика ахада ипресс-маҵзура.
"Кәыҵниа Алхас Алықьса-иԥа Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵазааит", - ҳәа аҳәоит Аслан Бжьаниа инапы зҵеиҩыз аусԥҟа.
Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дыҟан 2020 шықәса мшаԥы 24 инаркны 2022 шықәса нанҳәа 12 рҟынӡа. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Џьансыхә Нанба.
Уаанӡа ареспублика адипхаҭарнакра дахагылан Игорь Ахба. Ԥхынҷкәын 16 рзы Урыстәыла иҟаз Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәыны, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп евразиатәи аинтеграциа аусхк аҿы.
Мадина Аҩӡыԥҳа Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭалатә гәрагас дҟаҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0