Владимир Путин Маргарита Симониан Аҳаҭыртә орден ланеишьеит

Маргарита Симониан аҳәынҭқарратә информациатә политикаҿы ллагалеи шықәсы рацәалатәи лусуреи рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭа ланашьан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин МИА "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Аҳаҭыртә орден ланеишьеит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ближнее зарубежье.
"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит 2008 шықәсазы Аԥсни Уаԥстәылеи руааԥсыра рықәхра шәахьаҿагылаз. Иҭабуп иахьаанышәкылаз ааигәанӡа Ашьха Ҟарабах ицоз аибашьра. Донецк имҩаԥысуазы ҳгәы ҳахьуеит. Иҭабуп ауаа рынҵәара иашьҭоу рҟынтәи ҳауаажәлар ахьышәахьчо", - лҳәеит лара.
Маргарита Симониан аҳәынҭқарратә информациатә политикаҿы ллагалеи, шықәсы рацәалатәи лусуреи, аҵак ду змоу ауаажәларратә уснагӡатәқәа реиҿкаареи рынагӡареи, агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи, акультуреи рхырхарҭақәа рҟны лылшамҭақәеи рзы аҳамҭа ланашьан.
Симониан лнаҩс аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан Урыстәыла иадлаз аҵакыра ҿыцқәа рнапхгаҩцәа, иара убас, имаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы арратә корреспондент Семион Пегов Агәымшәаразы аорден ианашьан.
Путин арратә корреспондент Семион Пегов Агәымшәаразы аорден ианеишьеит