Путин арратә корреспондент Семион Пегов Агәымшәаразы аорден ианеишьеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДень памяти Андрея Стенина
День памяти Андрея Стенина - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамзазы Донецк амҵан Пегов ахәра иоуит иԥжәаз амина "Лепесток" иахҟьаны.
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин арратә корреспондент Семион Пегов Агәымшәаразы аорден ианеишьеит, абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.

"Имаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Урыстәыла ахада арратә корреспондент Семион Пегов Агәымшәаразы аорден ианеишьеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Пегов ианаршьаз аҳамҭа ""Служу России!" ҳәа ахҳәаа аиҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0