АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсны абыргацәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Апублицистика аҿиараҿы илагалазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵазааит ажурналистцәа рхеилак алахәыла Аполлон Нестор-иԥа Думаа", - аҳәоит аусԥҟа аҟны.
Аполлон Нестор-иԥа Думаа диит ԥхынҷкәын 21 1942 шықәсазы, Ҭхьына ақыҭан. Сынтәа иара ихыҵит 80 шықәса. Иара амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" Очамчыратәи аҟәша аартра аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкуп, Кавказ ажәларқәа реизара дуқәа изныкымкәа дрылахәхахьан.
Цәыббрамза 2018 шықәсазы Аполлон Думаа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы Мрагыларатәи афронт ахырӷәӷәарҭақәа ахьчараҿы илагалазы Леон иорден ианашьан.