https://sputnik-abkhazia.info/20221221/apollon-dumaa-asny-zasaztyz-azhurnalist-a-akh-ikhoup-1043237587.html
Аполлон Думаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп
Аполлон Думаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп
Sputnik Аҧсны
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 21 рзы. 21.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-21T21:36+0300
2022-12-21T21:36+0300
2022-12-26T13:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102024/89/1020248954_0:317:6017:3701_1920x0_80_0_0_d871fa5bb378c8140c6878da093627ee.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсны абыргацәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Аполлон Нестор-иԥа Думаа диит ԥхынҷкәын 21 1942 шықәсазы, Ҭхьына ақыҭан. Сынтәа иара ихыҵит 80 шықәса. Иара амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" Очамчыратәи аҟәша аартра аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкуп, Кавказ ажәларқәа реизара дуқәа изныкымкәа дрылахәхахьан.Цәыббрамза 2018 шықәсазы Аполлон Думаа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы Мрагыларатәи афронт ахырӷәӷәарҭақәа ахьчараҿы илагалазы Леон иорден ианашьан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102024/89/1020248954_330:0:5685:4016_1920x0_80_0_0_2e23e3b17b4fdf4bf9952097004a4330.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аполлон Думаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп
21:36 21.12.2022 (ирҿыцуп: 13:27 26.12.2022) Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 21 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсны абыргацәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, абри атәы
аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Апублицистика аҿиараҿы илагалазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵазааит ажурналистцәа рхеилак алахәыла Аполлон Нестор-иԥа Думаа", - аҳәоит аусԥҟа аҟны.
Аполлон Нестор-иԥа Думаа диит ԥхынҷкәын 21 1942 шықәсазы, Ҭхьына ақыҭан. Сынтәа иара ихыҵит 80 шықәса. Иара амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" Очамчыратәи аҟәша аартра аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкуп, Кавказ ажәларқәа реизара дуқәа изныкымкәа дрылахәхахьан.
Цәыббрамза 2018 шықәсазы Аполлон Думаа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы Мрагыларатәи афронт ахырӷәӷәарҭақәа ахьчараҿы илагалазы Леон иорден ианашьан.