Аԥсны

Ашьа иалоу агаз анализҟаҵага Аҟәатәи ахшараиурҭа иарҭеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә хәшәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша ашьа иалоу агаз анализҟаҵага анаҭеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ахәшәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы Белла Ԥлиа лажәақәа рыла, ари амаруга кыр шықәса иазыԥшын.
"Ҳахәшәтәырҭазы кыр зҵазкуа хҭысуп. Амаруга ықәыргылахоит ҿыц ииз ахәыҷқәа ахьышьҭоу аҟәшаҟны", - лҳәеит лара.
Арызага азкуп ашьа иалоу агазқәа реилазаашьа ахаҭабзиареи ахыԥхьаӡареи ргәаҭара, аелектрполитқәа алазаара, уи иабзоураны ҿыц ииз асабицәа апотологиа ҳәа кыр рымазар агәаҭара алшоит.
Аԥсны
Гагреи Пицундеи рраионтә хәшәтәырҭақәа рҿы амаруга ҿыцқәа ықәыргылоуп
Аппарат миллионк аҟара иаԥсоуп. Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп, амаруга аспонсорцәа рыцхыраарала ишаахәоу.
Иара убас ахшараурҭа аҟәшаҟны аҽыкәабарҭақәа еиҭашьақәыргылоуп.