https://sputnik-abkhazia.info/20221125/gagrei-pitsundei-rraiont-khshtyraa-ry-amaruga-ytsa-yyrgyloup-1042790884.html
Гагреи Пицундеи рраионтә хәшәтәырҭақәа рҿы амаруга ҿыцқәа ықәыргылоуп
Гагреи Пицундеи рраионтә хәшәтәырҭақәа рҿы амаруга ҿыцқәа ықәыргылоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аультрабжьытә диагностикатә аппарат ықәыргылоуп Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿ, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентгентә диагностика... 25.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-25T09:00+0300
2022-11-25T09:00+0300
2022-11-25T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
едуард быҭәба
гагра араион
пицунда
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/18/1042790461_0:102:1280:822_1920x0_80_0_0_94035a4ea4f4ba87a49bf7c4694be7f7.jpg
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аультрабжьытә диагностикатә аппарат ықәыргылоуп Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿ, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентгентә диагностика аппарат ықәыргылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, амаруга ҿыц иалнаршоит акардиологиатә адазы ауадаҩрақәа змоу ргәаҭара. Ахәшәтәырҭаҿ иара убасгьы иқәыргылоуп атрансформатор. Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентген аппарат рымамижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Аҳақьым хада Савели Серетиди иажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа анапхгара изныкымкәа агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара ҟарҵахьан арентген аппарат аиураз. Уажәы аппарат ҿыц аус ауеит. Пицунда ахадара уаанӡа иаразы ауада арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргахьан, уажәы иаразын иҷыдоу ашәқәа ҿарҵараны иҟоуп, уи ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа иаагахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20221116/gdouati-akhshtyra-atsryaa-reiashayrgylarazy-akhsaa-shayrgyloup-1042646439.html
гагра араион
пицунда
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/18/1042790461_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_1bcec87883b023fd22865ccdd06b19b8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, едуард быҭәба, гагра араион, пицунда, агәабзиара
ажәабжьқәа, ауаажәларра, едуард быҭәба, гагра араион, пицунда, агәабзиара
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аультрабжьытә диагностикатә аппарат ықәыргылоуп Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿ, Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентгентә диагностика аппарат ықәыргылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"2,6 миллион мааҭ зыхәԥса наӡо аультрабжьытә аппарат Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа ҳамҭас иеиҭеит Саид Лолуа. Иара аусура иаладыргахьеит, ареспублика атәылауааи асасцәеи рымаҵ ауеит. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр Едуард Быҭәба.
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, амаруга ҿыц иалнаршоит акардиологиатә адазы ауадаҩрақәа змоу ргәаҭара.
Ахәшәтәырҭаҿ иара убасгьы иқәыргылоуп атрансформатор.
Пицундатәи ахәшәтәырҭаҿы арентген аппарат рымамижьҭеи 30 шықәса ҵуеит.
Аҳақьым хада Савели Серетиди иажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа анапхгара изныкымкәа агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара ҟарҵахьан арентген аппарат аиураз.
Уажәы аппарат ҿыц аус ауеит. Пицунда ахадара уаанӡа иаразы ауада арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргахьан, уажәы иаразын иҷыдоу ашәқәа ҿарҵараны иҟоуп, уи ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа иаагахоит.