Аԥсны

Аԥснынтәи амашьына алазгалаз Урыстәыла атәылауаҩ ҩ-миллинок рҟынӡа ашәахтә имшәаӡеит

Аҳазатә шәарақәа рыҽрыцәхьакра иахҟьаны аҳазалхырҭа ашьаус хацнаркит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Курск инхо ахаҿы иганахь ала ашьаус хацыркуп Аԥснынтәи абизнес-класс иатәу автомашьына аҳазатә шәарақәа ахымшәаакәа Урыстәылаҟа иахьалеигалаз азы. Абри атәы аанацҳауеит Курсктәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Ишәам ашәахтәқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 2,7 миллион мааҭ ыҟоуп.
Автомашьына Mersedes-Benz E55 AMG Урыстәылаҟа иааган жәларбжьаратәи амҩангарақәа рзы транспорттә хархәагак аҳасабала.
Адокументқәа инарықәыршәаны иарала апассаџьырцәа Урыстәылантә Аԥсныҟа имҩахыргон. Иарбоу ахықәкқәа рыла автомашьына ахархәара амамызт, иахәҭаз аамҭала ЕАЕС аҵакыраҟынтәгьы иқәгамызт. Уи адагьы апассаџьырцәа рымҩангара ацынхәрас амашьына зтәыз ихатә хықәкқәа рыла ихы иаирхәон, ахԥатәи ахаҿгьы ииҭон.
Ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп, амашьына ршаҳаҭрак аҳасабала изтәыз имхуп.
Аԥснынтәи автомашьына аамҭала алагалара аԥҟарақәа реилагара аарԥшын Астрахан