АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥснытәи амандаринақәа Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь инаргеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳаит регион цыԥхьаӡа 23 тонна инареиҳаны ашәыр шнаго. Ацитрус шәырқәа ахәыҷқәеи иҷыдоу аусбарҭақәеи ирзыршоит.
Уи аԥхьа Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа 20 тонна амандарина Лугански Донецки Жәлар Рреспубликахь инаргахьан. Агуманитартә еидара мҩаԥигоит Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа.
Аԥснынтәи Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны инхо ахәыҷқәа рзы шә-тоннак амандарина дәықәҵан. Агуманитартә еидара Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала аизгара еиҿкаан. Ацитрус шәырқәа ахәыҷқәа ирзыршоит Ашықәс ҿыц аламҭалаз.
Аидара урыстәылаҟа агараҿы аԥсуа еиқәырхаҩцәа ацхыраара рырҭоит "Агвардиа ҿа" аволантиорцәа. Урҭ Урыстәыла арегион ҿыцқәа Донецк, Луганск, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рыҟны ацентрқәа аадыртхьеит.