Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ҩажәа тонна амандарина Донецкҟа инаргеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны инхо ахәыҷқәа рзы шә-тоннак амандарина дәықәҵан. Ацитрус шәырқәа ахәыҷқәа ирзыршоит Ашықәс ҿыц аламҭалаз.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа 23 тонна амандарина Донецктәи Жәлар Рреспубликахь инаргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Уи аԥхьа Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа 20 тонна амандарина Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь инаргахьан, уажәы агуманитартә цхыраара нагахоит Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз агуманитартә колонна Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҟынтә амҩа иқәлеит ԥхынҷкәын 16 рзы.
Аԥсны шә-тоннак амандарина урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рышҟа идәықәнаҵеит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала амандарина аизгараз Аԥсны араионқәа зегь рыҟны аҭыԥқәа аартын ԥхынҷкәын 5 инаркны. Аԥсны ауааԥсыра алшара рыман ашықәсҿыцтәи аныҳәаз ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рҟны инхо рзы аҳамҭа аҟаҵара.
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Аԥсны
Луганскҟа инаргеит Аԥснытәи амандаринақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0