Аԥсны

Аҟәа 2,5 миллион мааҭ инареиҳаны изныктәиу ацхыраартә ԥара ршәоит

Аԥара рызҭарҵеит 746-ҩык, урҭ рыбжьара иҟоуп аҳәыҷы рацәа змоу аҭаацәара, ихәыҷы аахыс зхы иамыхәо, акалиаска иантәалоу-ахымхәаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22– Sputnik. Аҟәа ақалақь аусбарҭа 2,5 миллион мааҭ инареиҳаны изныктәиу ацхыраартә ԥара рзыршәоит хаз игоу акатегориақәа ирыҵанакуа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳәыҷқәа ԥшьҩыки инеиҳани измоу аҭаацәарақәеи, 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахымхәацәеи, акалиаска иантәалоу-ахымхәацәеи изныктәиу ацхыраартә ԥара рзыршәоит. Зынӡа аматериалтә цхыраара рыҭахоит 746-ҩык.
Ахәыҷы рацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа хәыҷыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа нызқь мааҭ рзыршәоит, ихәыҷы аахыс зхы иамыхәо ирхылаԥшуагь хԥа-хԥа нызқь роуеит. Акалиаска иантәалоу-ахымхәаҩцәа хәба-хәба нызқь мааҭ рзыршәоит.
Аԥарашәара мҩаԥгахоит аҳҭнықалақь ахадара арезервтә фонд аҟынтәи.
Аԥсны
2023 шықәсазы Аԥсны ахәыҷы ииразы асоциалтә шәарақәа ирыцҵахоит