АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Александр Шервашиӡе-Чачба заанаҵтәи иҭыхымҭа Аԥсны Асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа ҳамҭас иаҭоуп.
Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭа, еилыху аҭыԥҳа лсахьа агалереиаз аукцион аҿы иааихәеит "Аҟәафон" адиректор хада Алхас Аргәын.
Аилахәыра асоциалтә проектқәа рзы аменеџьер Ҭемыр Гәыргәылиа иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа акультуреи аҭынхеи рырбеиара иацхраагӡоуп.
Александр Чачба иусумҭақәа рыҭҵааразы аексперт Виачеслав Чыргба иазгәеиҭеит ари асахьа Амилаҭтә галереиаз иаахәоу асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа рҟынтә ахԥатәи шакәу.
Уаанӡа, "Акациеи" "Шахерезадеи" Санкт-Петербург антиквартә дәқьан аҿы аколлекционер имыхәҳан.
Чыргба игәаанагарала асахьа заанаҵтәи аусумҭақәа иреиуоуп, аҟаза аҵара ахьиҵоз Киев ақалақь аҿы иҭыхуп еилаԥсоу техникала.
"Сгәы иаанагоит заанаҵтәи асахьаҭыхыҩ ирҿиаратә аамҭа иаҵанакуеит ҳәа. Иара еиуеиԥшым атехника, ажанрқәа ихы иаирхәон. Иубарҭоуп араагьы аекспериментқәа шымҩаԥигоз. Ҳәарада ҳколлекциа арбеиоит. Сгәыӷуеит ҳаиҳабыра иаԥырҵап ҳәа Чачба имузеи, иусумҭақәеи, ихатәы архиви ахьыҵәаххо", - ҳәа иҳәеит иара.
Александр Шервашиӡе-Чачба сахьаҭыхҩык иҳасабала дшьақәгылеит аурыс сахьаҭыхратә школи Франциа европатәи акультура ашьаҭала. XX ашәышықәса алагамҭаз иара еицырдыруаз сценографын Петербург Мариитәии Александриатәии аимператортә театрқәа рҟны.
Алеқсандр Чачба (Шервашиӡе) иусумҭақәа ҵәахуп Аԥсны амилаҭтә асахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, Санкт-Петербург атеатралтә библиотекаҿы, Москва, Бахрушин ихьӡ зху атеатралтә музеи аҿы, иара убас ахатәы коллекциақәа рҿы.