Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалno сахьаҭыхыҩцәа ируаӡәку, Аԥснытәи аҳ Қьалышьбеи Чачба имоҭа иԥа Алеқсандр Чачба (Шервашиӡе) диит ԥхынҷкәынмза 24, 1867 шықәсазы, Феодосиа ақалақь аҟны. 1886 шықәса инаркны 1889 шықәсанӡа аҵара иҵон Киевтәи ареалтә ҵараиурҭаҿы, убраҟоуп асахьаҭыхра иҽахьадицалазгьы. Анаҩс, шықәсқәак Москватәи аҿыханҵеи, аргылараҟазареи рҵараиурҭаҿы хатәгәаԥхарала дӡырҩуан. 1885 шықәса инаркны иҵара иациҵон Париж. 1906 шықәсазы Париж имҩаԥысуаз аурыс сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа далахәын. Парижтәи аурыс-артисттә кружок "Монпарнас" алахәылас дыҟан. Алеқсандр Чачба (Шервашиӡе) сахьаҭыхҩык иаҳасаб ала дшәит, анырра ӷәӷәа иоуит аурыс реалисттә сахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы, иара убас Франциа дызхысуаз, иҭиҵаауаз европатәи акультура абзоурала. А-20-тәи ашәышықәсазы Петербургтәи аимператортә театрқәа рҿы зегь реиҳа зыхьӡ еицырдыруаз сценографын. Аурыс сахьаҭыхыҩцәа ҟазақәа: А. Бенуа, А. Головин, В.Серов, Н. Рерих, иара убас аҳәаанырцәтәи аҟазақәа: П, Пикассои А. Дерени драҟараны аус иуан.
"Сынтәа 151 шықәса ихыҵуеит Алеқсандр Константин-иԥа Чачба. Иара Аԥсныҟа дааит 1918 шықәсазы, иаб иашьа иԥа Гьаргь Чачба, ауаажәларратә усзуҩы, адраматург, апоет, идунеи аныиԥсах. Чачаа рыҩны қьаԥҭахон, дахамгылар амуӡеит. Дшааиз еиԥш иаразнак ауаажәларратәи, акультуратәи аусқәа жәпакы инапы рылеикит. Убасҟан Дырмит Гәлиа днаивагылеит", — ҳәа азгәеиҭоит аскульптор, А. Чачба ихьӡ Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы.
Асценографиа инаваргыланы, Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе аҿыханҵеи аграфикеи инапы рылакын. Иара иусумҭақәа рыхә акыр иҳаракны иршьахьеит, ҟазарыла иҟаҵоуп.
"Аԥсны дызлагаз аусқәа рацәоуп: ахореографиа, адрамтургиа, асценографиа, архитектура, аетнографиа. Актуалра змаз азҵаарақәа иаразнак ишьҭихит, иибоз рацәан, иҳагыз ибарҭан, аҟазара ду зманы Европа, Петербурги Парижи ирыбжьаз ауаҩы, адунеи акультура дуӡӡа ахыҵхырҭа здыруаз, алакыҵаҿы иҟаз, ҳәарада ихымԥадатәны иҟаҵатәуп ҳәа иибоз азҵаарақәа иаразнак ишьҭихит", — иҳәеит Адлеиба.
Иԥсадгьыл анҭыҵ акыр ахара даныҟазгьы, асахьаҭыхҩы еснагь Аԥсны гәыҵхас иман, итәыла акультуратә ԥсҭазаара дазҿлымҳан. 1958 шықәсазы иара иматериалтә ҭагылазаашьа акыр ишыуашәшәыразгьы, иусумҭақәа рыҭира мап ацәикит, 500 усумҭа инарзынаԥшуа ҳамҭас Аԥсныҟа иааишьҭит.
"Шықәсык иалагӡаны Аԥсны дзыхьӡаз рацәоуп. Аха, Аԥсны аменшевикцәа рнапаҿы ианаарга, аҭагылазаашьа уадаҩхо ианалага, иашьа ареволиуциа иҟаз аамҭа ҿыц далахәын, уигь дшәарҭан, дықәымҵыр амуит. Нас, ак ихьыр ҳәа дшәан, Баҭым ала Феодосиаҟа ддәықәиҵеит Нестор Аполлон-иԥа Лакоба", — иҳәеит аскульптор Амиран Адлеиба.
Уи нахыс хәыҷы-хәыҷла Петербурги Парижи дышрыбжьаз, а-30-тәи ашықәс хьанҭақәа ҟалоит, ацара-аара уашәшәырахо иалагеит, Сталинтәи арежим аус ауан. 50-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны дазхьуа, неишьак аманы иҟазар ҳәа, еиҳарак 60-тәи ашықәсқәа рзы ашәҟәқәа иҩуан, аашьак сзыҟаҵозар ҳәа.
"Аҵыхәтәаны, иқәрахь днеиуа даналага, Аԥснынтә ииҭахыз аинформациа ҽеишәа имаҳауа далагеит, азеиԥш ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны. Иаргьы маҷк дкәанызануа дҟалеит. Иусумҭақәа раӷьырак Аԥсныҟа иааишьҭит, ԥыҭк Қарҭҟа. Иӡӷаб лахь ус иҩуан: "Сара снеир Аԥсныҟа иаҳзалыршарыма аҿыханҵа ахәыҷқәа дырҵара, азин сырҭома?" — ҳәа абас дҵааԥшаауа, дынкахәыцуа дныҟәон. Ус еиԥш иҟаз ауаҩ дуӡӡа дарбаныз изымҭоз аҭагылазаашьа, аха ихы рацәашьаны дцәажәон, ус дааӡан", — игәалаиршәоит Адлеиба.
Адунеи аҿы иҟаз асценограф дуқәа, асахьаҭыхыҩцәа дуқәа рыгәҭа дгылан, пату иқәын, ҳаҭыр иқәын, дзыԥсаз рдыруан.
"Аҭауад лаша Чачба-Шервашиӡе ҳәа ишьҭан. Иусумҭақәа даара ихатәроуп, иавтпортреҭқәа даара рыхьӡ ӷәӷәаны игеит даныҷкәыназ иҟаиҵақәаз. Апортреҭ ажанр уамак ала дазааигәан, иқәҿион, ицааиуан. Нас, акостиумқәа, адекорациақәа, атеатр аганахь ала аусура даналага иаамҭа уи еиҳа иақәирӡит. Уи анаҩсгьы астатиақәа ииҩуаз иацназгоз маҷын", — дҳацәажәон Адлеиба.
Усҟантәи аамҭазы иҟаз аналитикцәа дуқәа Фендельраа, Пальмерра реиԥш иҟаз рҟынӡа днаӡаны, убас анализ ҟаҵаны аҟазара дахцәажәар илшон. Ван Гог изкны, Сезанн, атрадициатәи аҿыц хырхарҭақәа рцәырҵреи, адунеи аҿы имҩаԥысуаз апроцессқәеи дышрыхцәажәоз, асахьаҭыхратә ҟазараҿы анализ шыҟаиҵоз џьашьатәуп.
"Истатиақәа зегьы аԥсышәалагьы еиҭагоуп. Уи ус ихырҳәаахьан: "Ари дсахьаҭыхҩымхаргьы, атеориа аганахь ала иналукааша аналитик-теоретикны дҟалон" ҳәа. Хымԥада, дазхаҵоуп. Абас еиԥш дыӷәӷәаны адунеи аҿы ихьӡ геит, Пикассои иареи еибадыруан ибзиан. Иусумҭагьы еизырҳаны иҟаиҵахьан "Бегущие" захьӡу. Амшын агаҿы ииҩуа аҳәсақәа ҩыџьа, идуны иҟаҵаны адекарациаҿы иниба, "уажәшьҭа снапы аҵазыҩуеит" — иҳәеит, убриаҟара игәаԥхеит Пикассо ари асахьа аниба. Ажәакала, ари дуаҩ дуун, иԥсадгьыл дацәыӡт, аха Урыстәылеи Европеи дааӡеит, дыхьӡырҳәаганы аԥсуа культуразы дҟалеит", — ҳәа азгәеиҭоит аскульптор.
Асахьаҭыхҩы иԥсҭазаара далҵит нанҳәамза 17, 1968 шықәса рзы, 101 шықәса дшырҭагылаз, Монако абыргцәа рыҩнаҿы. Анышә дамадан Ницца, аурыс нышәынҭраҿы. Лаҵарамза 12, 1985 шықәса рзы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәаҟа иԥсыбаҩ ииаган, амилаҭтә музеи азааигәара джуп.
Алеқсандр Чачба (Шервашиӡе) иусумҭақәа ҵәахуп Аҳәынҭқарратә милаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы, аҳәынҭқарратә аурыстә театр аҿы, атеатралтә музеи аҿы, атеатралтә библиотекаҿы(Санкт-Петербург), Москва, Бахрушин ихьӡ зху атеатралтә музеи аҿы, Урыстәылеи, адунеи атәылақәеи жәпакы рҿы ахатәы коллекциақәа рҿы. Димоуп аԥҳа, имаҭа-Демосфен Заицев.