АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа асоциалтә шәарақәа 50% ашьҭыхраз аӡбра рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
"Иҟоу аҭагылазаашьеи алшарақәеи инарыдҳәаланы асеиԥш арбагақәа азԥхьагәаҳҭар ауеит. Иҟалап ацҵарақәа хаз-хазы идумзаргьы, аха иааидкылан имаҷым", - ҳәа иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Ешба.
Аӡбамҭа инақәыршәаны 2023 шықәсазы ауааԥсыра ркатегориақәак рзы ашәарақәа ирыцҵахоит:
зхала иҟоу анацәа – хәыҷыцыԥхьаӡа рзы 1500 мааҭ рзацлоит;
хҩык ахәыҷқәа змоу – хәыҷыцыԥхьаӡа 600-600 мааҭ, ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – 900- 900 мааҭ, хәҩыки инеиҳани измоу - 1050 -1050 мааҭ;
ҭынха дызмам 1500 мааҭ роулот;
дааизар зхы иамыхәо ахәыҷы ибаразы 16 шықәсанӡа 1500 мааҭ шәалахоит;
дааизар зхы иамыхәо, актәи агәыԥ иатәу ахәыҷы ибаразы 1500 мааҭ шәалахоит; -
ахәыҷы ииразы ашәара 7500 мааҭ ҟалоит.
Уаанӡа, радио Sputnik аҿы ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иҳәахьан 2022 шықәсазы ашәахтә маҵзура аусура бзиа ишалнаршаз абиуџьет профицитла анагӡара.
Ари 2023 шықәсазтәи абиуџьет шьҭнахит, афеидаратә хәҭа - 1,42 миллиард мааҭ ҟалеит. Аныхрақәа - 1,53 миллиард мааҭ. Ахатә лагалақәа 207 миллион мааҭ ҳәа иазыԥхьагәаҭоуп.