Уажәы амҩаду арԥшӡаразы аусурақәа цоит, ԥхынҷкәын 25 -нӡа аԥсаӡ хадеи уи акәша-мыкәшеи рхиахоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Булискериаԥҳа.
"Ақалақь ахаҿра аҽаԥсаххьеит, ауааԥсыра уи гәахәарыла ирыдыркылоит. Аԥсаӡ хада аартра мҩаԥгахоит амза 28 рзы, асааҭ 18:00 рынахыс. Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит аԥсуа шәаҳәаҩцәа рыла ишьақәгылоу аконцерттә программа, иара убас ахәыҷқәа рзы аус рулоит аниматорцәа. Аҵаа Бабаду, Асҭыԥҳа, егьырҭ ахәыҷқәа бзиа ирбо анашанатә хаҿсахьақәа ҟалоит уа", - ҳәа еиҭалҳәеит Очамчыра араион акультура аусбарҭа аҟәша аиҳабы.
Амра Булискериаԥҳа лажәақәа рыла амза 28 инаркны аконцертқәа мҩаԥгалахоит ес-хәылбыҽха, Ашықәс ҿыц ауханӡа. Аухагьы - асааҭ 12-нӡа, иара уи нахысгьы аконцертқәа ҟалоит.
"Агәаҳәара змоу зегьы Ашықәс ҿыц ақалақь агәаны иаԥылар рылшоит. Уи аҩыза аҭагылазаашьа аԥҵахоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Булискериаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.