Путин: Украина Урыстәыла ҳахәҭакуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз ауаа ирҿагылеит

Владимир Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит украинааи урыстәылааи азеиԥш ҭоурых шьаҭақәа шрымоу, урҭ Урыстәылеи Украинеи реиҟәшараз аӷацәа рыстратегиа аасҭа ишыӷәӷәоу.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Украина аашықәса раԥхьа Урыстәыла иахәҭакны зхы зшьоз ауаа ирҿагылеит ҳәа иҳәеит Владимир Путин Аҳәынҭхеилак аилатәара аихшьаалақәа рыла имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ.
"Ажәлар рҭахра, ргәаҳәара аҿагылара ҟалаӡом. Ус акәзар, ари апринцип уневерсал принципзароуп. Аҽа жәларык, аҽа кәультурак, аҽа бызшәак, ҭоурыхк, традициак ирыхәҭакны зхы зшьо ауаагьы рҿагылара залшом. Асеиԥш ихәыцуаз ауаа ирҿагыланы 2014 шықәсазы аибашьра иалаган", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.
Урыстәыла Украина хықәкыс иамоу аурыс культура иаҵанакуаны зхы зыԥхьаӡо ауаа рыхьчароуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Иара убасгьы иҳәеит, аӷацәа акыр шааҵуа аурыс дунеи аиларбгара рҭахуижьҭеи, уажәы ирылшеит аурыси аукраин жәларқәеи реиҿаргылара, ушьҭан хаз-хазы ирҭаху ддырҟаҵаларц ҳәа.
"Абри аганахь ала дара аиааит, ҳара ҳаҵахеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Убри аан Владимир Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит, украинааи урыстәылааи азеиԥш ҭоурых шьаҭақәа шрымоу, урҭ Урыстәылеи Украинеи реиҟәшараз аӷацәа рыстратегиа аасҭа ишыӷәӷәоу.
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аӷацәа атәыла аиҟәгара ауп рыгәҭакы ҳәа