Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аӷацәа атәыла аиҟәгара ауп рыгәҭакы ҳәа

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в работе саммита ЕАЭС в Бишкеке
Президент РФ В. Путин принял участие в работе саммита ЕАЭС в Бишкеке - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2022
Анапаҵаҩра
Путин иажәақәа рыла, Урыстәыла аҳәынҭқарра аилырбгаразы Мраҭашәаратәи атәылақәа атеррористә умҭақәа дырҽхәон.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Акыр аамҭа ҵуеит Урыстәыла аӷацәа ҳтәыла аилаҳареи, аиҟәгареи иашьҭоуишьҭеи, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости атәылахьчара анапхгара инеиҵыхә реилатәараҟны атәыла ахада иқәгылара ҵаҵӷәыс иганы.
"Изныкымкәа исҳәахьеит, астатиақәа рҟныгьы исыҩхьеит ҳастратегиатә ӷацәа рхықәкы ҳтәыла аилажьра ауп. Абас ашәышықәсқәа. Иҿыцу ҳәа акгьы ыҟам. Ргәаанагарала идуу, иӷәӷәоу атәыла маҷк адгьылҵакырақәа амхзар, еиҟәыҭхазар ҟалоит. Ус еиԥш иҟан есымша", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, Мраҭашәаратәи атәылақәа атеррористә еиҿкаара "Аль-Каида"* иақәыӡбон, аха убри аан Урыстәыла аҩнуҵҟа иҟаз атеррористцәа ирыдгылон.
Путин иҳәеит атеррористцәа Урыстәыла иабашьразы -аматериалтә, аинформациатә, аполитикатә уҳәа ганрацәала ацхыраара шрырҭоз.
*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористә еиҿкаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0