АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Никарагуа Ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа Аԥсны Жәлар Реизараҟны аиҩызаразы адепутаттә гәыԥ аԥҵара иақәгәыӷуеит, аҩтәылак рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа рыбжьара аимадара арӷәӷәареи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аԥышәеимдареи иацхрааларцаз. Абри атәы Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба изеиҭеиҳәеит Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа.
Инар Ладариа Лаша Ашәба изеиҭеиҳәеит Никарагуа Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа анеиҿкааха инаркны аусура аихшьалақәа ртәы.
Лаша Ашәба иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара шазхиоу Никарагуа Ареспубликеи дареи рпарламентбжьаратә усеицура арҿиаразы.
Инар Ладариа Никарагуа Ареспубликаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан Аԥсны ахада иусԥҟала абҵара 17, 2021 шықәсазы.