АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аа-метрак зоура ыҟоу Аԥсны аԥсаӡ хада еилаарцыруа иаҿаркит Аҟәа амҽыша ԥхынҷкәын 25 рзы.
Аҟәа ақалақь ахадара акультуратә усбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа ишазгәалҭаз ала, сынтәатәи аԥсаӡ ҵыԥхтәи иеиԥшымкәа еиҿыркааит, уажәы иара ҩычоуп аиаҵәа, ахьтәыԥшшәыла, амалинаԥшшәы рыла.
"Иара убас аԥсаӡ иахакнаҳау афымца уарҳал еиҳа еилаарцыруеит. Ашҭа акәшамыкәша иҟоу зегьы еиҳа ирԥшӡоуп, алакә аҿы уҟоушәа угәы иабоит. Ҵыԥх игылақәаз арԥшӡагақәа зегьы Ешба ихьӡ зху апарк ахь ииагоуп. Сгәанала, ақалақьуаа ргәы иахәоит Аҟәа шырԥшӡоу", - лҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Лара лажәа иацҵо илҳәеит Ахақәиҭра ашҭаҿы ишдыргылахьоу аныҳәа ианааланы иҩычоу ахәаахәҭырҭақәа. Сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҳауп.
Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра аҽны имҩаԥысит акәашаратәи ашәаҳәаратәи гәыԥқәеи аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи злахәыз агәырӷьаратә концерт.