Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан 600 нызқьҩык апассаџьырцәа аднакылоит

Шәачатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза апассаџьырцәа реиҳа имҩанызго урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа хәба ирхыԥхьаӡалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik. Шәачатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿы ргәы иҭоуп ҵыԥхтәи аныҳәақәа раан аасҭа 22% рыла еиҳаны апассаџьырцәа рыдыркыларц, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә ахадара.
"Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи раан аҳаирбаӷәаза азхиоуп 570 нызқь апассаџьырцәа адкылара, транзитла иныҟәогьы убрахь иналаҵаны, ари 22% рыла еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа", — ҳәа агубернатор ихаҭыԥуаҩ Александр Руппель иажәақәа ааргоит адырраҭараҿы.
Иара иазгәеиҭеит апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иахьацло азы аҳаирбаӷәазаҿы агәаҭарҭақәа рхыԥхьаӡара ишацырҵаз. Уи адагьы, ауаа еиҳарак ианырацәоу аамҭазы агәаранқәа реихшаразы аволонтиорцәа шадрыԥхьало.
Зынӡа 2022 шықәса нҵәаанӡа, шәачатәи ахадара адыррақәа рыла, ргәы иҭоуп быжь-миллионк инареиҳаны аԥсшьацәа рыдкылара.
Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа раан аусушьа еилкаахеит
Аҳаирбаӷәаза еиҭашьақәыргылан 2007-2013 шықәсқәа рзы, уажәы иара аҵакыра 65 000 метр ԥшьыркца ыҟоуп. Арантәи аҳаирпланқәа ыҵԥраауеит аҩнуҵҟатәии жәларбжьаратәии ахырхарҭақәа 60 рыла, 2021 шықәсазы шәачатәи аҳаирбаӷәазала 11 миллионҩык апассаџьырцәа мҩанысит.