Лавров: Мраҭашәара хара имгакәа адунеитә економика анапхгараҭара ацәыӡуеит

Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь Урыстәыла асанкциатә қәыӷәӷәара амҩаԥгара иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Мраҭашәаратәи атәылақәа хара имгакәа адунеитә економика анапхгараҭараз алшара рцәыӡуеит ҳәа иҳәеит урыстәылатәи АИХқәа рнапхгаҩцәа ирԥылаз Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Ӷәӷәала ари асистема илахеит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раан арҭ аинструментқәеи амеханизмқәеи аҳәынҭқаррақәа ринтересқәеи рбаланси ирықәшәоны иршьон шамахамзар атәылақәа зегьы рҿы. Аха уажәы уи иахылҿиаауа ашәарҭарақәа рызхәыцра ӷәӷәала имҩаԥысуеит. Сара агәра шәсыргоит хара имгакәа Мраҭашәара алшарақәа шмаҷхо, иара ишаҭаху еиԥш адунеитә економика анапхгара аҭара шзалымшо. Иаҭахы иаҭахым – акахьы еицкылстәхоит", - ҳәа иҳәеит адипломат.
Урыстәыла ААР ахада иазгәеиҭеит Мраҭашәара Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа зегь шааннакылаз. Иара иажәақәа рыла, Москва иамоуп аекономика, асоциалтә усхк, акультура, аспорт рҟны изнырша.
Лавров: НАТО аҽырҭбаара Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи риезыҟазаашьаҿы ихадоу мзызны инхоит
"Изныкымкәа ишаҳҳәахьоу еиԥш Мраҭашәара ашьҭаҩра ҳгәы иҭаӡам. Уаанӡагьы акала иҳаҵазымкыцыз егьырҭ атәылақәа ыҟоуп. Урҭи ҳареи зны-зынла иуадаҩны акы ҳазкылсон, аха уи анаҩс аӡәгьы ҳаижьарц далагомызт. Мраҭашәара акәзар зегь аарҳәны ауп", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь Урыстәыла асанкциатә қәыӷәӷәара амҩаԥгара иалагеит. Ари абылтәы ахә шьҭнахит, ЕААи Европеи рҟны арекордтә инфлиациа арҿиеит.