Лавров: НАТО аҽырҭбаара Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи риезыҟазаашьаҿы ихадоу мзызны инхоит

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча С. Лаврова с выпускниками вузов, принятыми на работу в МИД
Встреча С. Лаврова с выпускниками вузов, принятыми на работу в МИД - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2022
Анапаҵаҩра
Лавров иҳәеит НАТО "цәгьацәыԥхамшьарада Горбачеви Ельцини Мрагылараҟа рыҽшдмырҭбаауаз ажәа раҳамҭеит ҳәа рҳәоит, уи ус шакәым азы имаҷымкәа аршаҳаҭгақәа шыҟоугьы" ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7- Sputnik. НАТО аҽырҭбаара Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи риезыҟазаашьаҿы ихадоу мзызны иаанхоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"НАТО аҽырҭбаара шыҟац иаанхоит Урыстәылеи асовет тәылақәеи рахь адагьы, Варшаватәи аиқәшаҳаҭра атәыла-алахәылацәа рахь адагьы адунеи егьырҭ арегионқәа зегь рахьгьы", - ҳәа иҳәеит Лавров жәларбжьаратәи афорум "Примаковские чтения" аҟны иқәгылараан.
Лавров иҳәеит иара убасгьы НАТО "цәгьацәыԥхамшьарада мап ацәыркуеит Горбачеви Ельцини Мрагылараҟа рыҽшдмырҭбаауаз ажәа шрырҭаз, уи ус шакәым азы имаҷымкәа аршаҳаҭгақәа шыҟоугьы" ҳәа.
Аминистр иазгәеиҭеит ЕАА амаҭ аиԥш иҵәиҵәиуеит Украина абиологиатә лабораториақәа рылацәажәара рҽацәырӡарц ҳәа.
"Апроблема ду аԥҵан Пентагон анапхгарала Украина абиологиатә лабораториақәа раԥҵараан. Уажәы америкаа ари атема иаламцәажәарц азы амаҭеиԥш еикәаҵәиуеит", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Встреча С. Лаврова с выпускниками вузов, принятыми на работу в МИД - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2022
Лавров: НАТО аибашьра хьшәашәа иазыхынҳәит
Аминистр иара убасгьы иҳәеит америкаа ртәала аглобализациа хыркәшахеит, ишьақәгылоит Мраҭашәара аинҟьарақәа ирыцымкәашо асистема ҿыц ҳәа.
Иара итәала Урыстәыла агәра азхаҵом мцҳәарыла еибарку Мраҭашәара ԥхьаҟа иара ахаҭа иаԥнаҵаз аглобализациатә процессқәа мап рыцәнакып ҳәа.
"Америкатәи аглобализациа аҵыхәтәахьы инеит. Макьаназ процессқәак шыҟоугьы асистема ҿыц ҿиоит. Уи мраҭашәаратәи ҳпартниорцәа рхамаԥагьара иадҳәалахом", - ҳәа иҳәеит Лавров афорум "Примаковские чтения" аҟны.
Иара иажәақәа рыла Урыстәыла БРИКС, ШОС, ЕАЕС, ИАР атәылақәа ҩызцәаны иамоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0