Аԥсны

Аԥсны аамҭеихшала алашара арцәара аԥыхуп

"Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы иҳәеит ԥхынҷкәын 26 рызтәи адыррақәа рыла, ареспубликаҟны инырхо уахыктәи афымца 10 миллионк кВт•с инареиҳаны иартәоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны аамҭеихшала алашара арцәара аԥыхуп ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Зураб Багаԥшь аҩаша, ԥхынҷкәын 27 рзы аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысуаз ессымчыбжьатәи аилатәараҟны. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Урыстәылантәи иҳауз алимит иалнаршеит имаҷымкәан афымцалашара аиқәырхара, уи иабзоураны уажәы алашара ԥкрада ираҳҭоит", - ҳәа иҳәеит Багаԥшь.
Иара иазгәеиҭеит, авольтҳарак цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1"абонентцәа рзы аԥкрақәа шыҟаз, уи иацы ишаԥыххаз.
Анаҩс, машәырк иахьҟаны мамзар ақәыӷәӷәара ахьыҳаракхо акәымзар алашара дырцәаӡом.
Иара убас, Аминистрцәа реилазаара, Жәлар Реизара, атәыла ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа злахәыз аилатәараҿы иалацәажәеит афымцамч ахархәаразы афинанстә леишәа арӷәӷәареи аԥхьаӡагақәа рықәыргылареи ртәы.
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара алашара аныхраз асоциалтә нормақәа рхархәара аԥҟара аԥсахит